АИААИРА АМШ
Перевела Асмат Зантария
Аиааира амш, ишԥаҳцәыхараз иара -
Аццышә еиԥшха иҳампыҵабон хара.
Асаба рықәчын, амцеиԥш амҩақәа былуа, -
Абри амшаз, - ҳхы ҳамеигӡеит, иааигәатәуа.
Абри амш – Аиааироуп! Ахәшәбылфҩы ахуп.
Аиааира амшоуп - Изыршлаз ахахәы.
Абри ныҳәоуп, Алаӷырӡ злакҭа иху.
Аиааира амш! Аиааира амш! Аиааира амшоуп!
Уахи-ҽни лацәааихьшь ҳәа ҟамҵа,
Ҳажәлар рхы иамеигӡаӡеит зынӡа.
Уахи-ҽни хацәнамырхала ҳаибашьуа -
Абри амшаз, - ҳхы ҳамеигӡеит, иааигәатәуа.
Абри амш – Аиааироуп! Ахәшәбылфҩы ахуп.
Аиааира амшоуп - Изыршлаз ахахәы.
Абри ныҳәоуп, Алаӷырӡ злакҭа иху.
Аиааира амш! Аиааира амш! Аиааира амшоуп!
Сан бышԥаҟоу, зегьы ҳшеицыз ҳамгьежьит…
Шьапыхтыла аӡаӡа алсра сазгәышьит!
Европа абжа - адунеи ҳахысит ҳаибашьуа -